Аусмҩаԥгатә иалахәын иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Ахада иаҵшьны иҳәеит Аҟәа Ахақәиҭтәра амш акрызҵазкуа арыцхәқәа ишыруаку, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра аналыршаз мышны ишыҟалаз. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҟәа Аԥсны иагәеисыбжьны, ахьыԥшымреи аԥеиԥш бзиеи ирсимволны ишыҟоу
▫️ «Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟазааит аҭынчра, анасыԥ, уаҵәтәи амш агәрагара. Иеизҳазыӷьалааит ҳаҳҭнықалақь Аҟәеи, Ҳаԥсадгьыл Аԥсни рхақәиҭра ҳзаазгаз рыхьӡала», -аҳәоит Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара.