АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 00:34

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы

Авизит аҳәаа иҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхьаҟа иазгәаҭоу жәларбжьаратәи апроект «Аԥснытәи аҳәаа» ашҭа иахәаԥшны ирбеит.

 

Урҭ Аҟәа жәларбжьаратәи аспорттә проект ахацыркразы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа аихамҩатә станциа Кьалашәыр иаҭааит.

 

  Апроект Аԥсны Ахада иҟны апрезентациа азиуит акадртә еицлабра «Аԥсны акоманда» афиналист Габуниа Гьаргь ари аԥхьа, нанҳәамзазы Сергеи Кириенко ивизит аан.

 

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аӡҩыбжьа ақыҭаҟны иԥсабаратәу, иԥсабаратәым аелементқәа рыла ишьақәгылоу аԥынгылақәа ркомплекс аԥҵара мҩаԥысуеит.

 

«Аԥснытәи аҳәаа» аспорттә еицлабрақәеи акультуратә программеи еидызкыло иуникалтәу форматуп. Уи шьақәыргылахоит аԥышәеимдарақәа, аконцертқәа, аетнопрограмма рыла.  

 

Апроект иадԥхьалахоит Урыстәылеи ааигәатәи аҳәаанырцәи рыҟнытә аспортсменцәа, иара убас уи аҩныҵҟатәи атуризм арҿиара иазкуп. Аусмҩаԥгатәқәа рхацыркра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы.

 

Read 3 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 14:05
aps25