АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 29 Цәыббра 2025 21:37

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа иаҭааит.

 

  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа иаҭааит.   

  

Урҭ иҿыцуа архитектуратәи хәылԥазтәи арлашагеи иахәаԥшны ахәшьара арҭеит, иара убас аҳҭнықалақь анаиааирҭатә ҭыԥ хада комплексла аиҿкаара иазку аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

 

 Аԥшаҳәа арҿиареи арҿыцреи атуристцәа радԥхьалара азырҳареи ҳаамҭазтәи ауаажәларратә ҭыԥқәа раԥҵареи ирзынархоу, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы игәыҟаҵагоу ақалақьтә ҭагылазаашьа аԥҵара иазку аусура ду иахәҭакны иҟоуп.

Read 44 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 11:05
aps25