АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 14:52

Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ирызку адокументалтә фильм арбара далахәын

 Иаарԥшуп амаршал Баграмиан ихьӡ зхыз Аерманцәа рбаталион иалахәыз  аветеранцәеи аерман милаҭ иаҵанакуа егьырҭ Аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа изнысыз рыҧсҭазааратә мҩа, рлахьынҵа иазкуп,. Алента авторцәас иамоуп ажурналист Манана Кәакәасқьырҧҳаи арратә оператор Валера Маиромиани.   ́

 

Афильм арбара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан , аҧыза-министр  Делба Валери, Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Алада-Уаҧстәыла аҧыза-министр Константин Џьусоев, иара убас аиҳабыра алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 

 
Read 3 times Last modified on Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 22:02
aps25