«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Цәыббрамза 30 зхы иақәиҭу аҭынч ԥсҭазааразы ззин ахьчара зылшаз аԥсуа жәлар ргәымшәара иасимволуп.
Аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас измоу урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп. Агәра згоит асоциал-економиатә, агуманитартә усхкқәа рыҟны, иара убас ашәарҭадара азҵаарақәа рыла аусеицура ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ишацхраало. Аиҩызаратә Аԥсны аԥхьаҟагьы аҿиараҟны комплексла ацхыраара ҳазхиоуп.
Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».