Иформалтәым аҭагылазаашьаҟны иаҵаҩын Аҟәатәи аҧшаҳәа комплексла аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра, иара убас ақалақьтә инфраструктура аҿиареи егьырҭ азеиԥштә проектқәеи ирылацәажәан.
Уи аҧхьа акаҳуажәырҭаҟны ишьақәыргылан аишәа ҿыцқәеи атәарҭақәеи - Сергеи Кириенко иҟынтәи аҳамҭа. Ақалақьуааи акаҳуажәырҭа аҧшәмацәеи "Брехаловка" иарҭо азҿлымҳара ахә ҳаракны иршьеит, иҭабуп ахырҳәааит иҟаҵоу аиҭашьақәыргыларатә усқәа.