АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 01 Жьҭаара 2025 23:06

Аԥсны Ахада иахьа 24-ҩык арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рзы ацаԥхақәа рнапы иаиркит

 

Ари аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны.  

 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иаҵшьны иҳәеит «Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду змоу аҳәынҭқарратә уснагӡатәны» ишыҟоу. Уи иацҵаны иҳәеит зыхшара ара ирааӡарц, Ареспублика аргылара зҽалазырхәырц зҭаху ҳрепатриантцәа аҳәынҭқарра есқьынгьы адгылара шрынаҭало. 

Ахада иазгәеиҭеит, аекономикатә уадаҩрақәа шыҟоугьы, ара ииз, изызҳаз атәылауаа нхарҭа ҭыԥла  иеиқәыршәам шыҟоугьы, ҳауаажәлар арепатриантцәа анхарҭа ҭыԥқәа рыҭара азҵаара еилкаарала ишазнеиуа.  

Иахьа ауадақәа рцаԥхақәа зауыз рыҩныҵҟа иҟоуп Аԥсны ахьчаразы иааз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәагьы, Ҭырқәтәыантә, Ҟарачы-Черқьесынтә, Ҟабарда-Балҟариантә. 

 

Гәынба Бадра иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҭоурых ҿыц аҟны иуадаҩыз аамҭақәа раан ахақәиҭразы ақәԥараҟны Аԥсны иааны рашьцәа иахьрыдгылаз.

 

  «Шәара ацхыраара, адгылара шәыҭара — аҳәынҭқарра иауалуп», — иаҵшьны иҳәеит иара.

 

Ацаԥха зауыз арепатриантцәа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ирырҭо азҿлымҳаразы, рҭоурыхтә Ԥсадгьыл аҟны анхаразы алшара ахьрымоу азы.

 
Read 6 times
aps25