Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Зураб Џьота-иҧа!
Ҳаҭыр зқәу аҵарауаа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҭҵаарадырра амш!
Асовет аамҭақәа инадыркны иахьа уажәраанӡагьы Аҧсны иҟоуп аҵарауаа дуқәа аус ахьыруаз аҭҵаарадырратә институтқәа. Урҭ рдырра ҳарак, рнапы злакыз аус ахь иаадырҧшуаз агәцаракра ҿырҧшыгас ирымоуп аҵарауаа қәыҧшцәа.
Аҭҵаарыдаара акәын еснагь аҳәынҭқарра аҿиареи асуверенитет арӷәӷәареи шьаҭас ирымаз. Ус иаанхоит иахьагьы. Шәара шәџьабааи, шәдырра ҳараки, шәхамеигӡареи ирлыҵшәаны иахьа ҳҳәынҭқарраҿы зеиӷьыҟам ала имҩаҧысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абызшәеи, аҭоурыхи, аҧсабареи, акультуреи, аекономикеи уҳәа русхкқәа рҿы аҭҵаарадырратә усурақәа.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәыҭҵаарадырратә усуразы, иҟашәҵо аартра ҿыцқәа рзы. Урҭ ҳаҧсадгьыл аизҳазыӷьара иазкуп. Исҭахуп ишәдыруазарц, Аҧсны анапхгара иҟоу алшарақәа ирҭагӡан,ы еснагь аҭҵаарадырратә усбарҭақәа, Аҧснытәи аҵарауаа адгылареи ацхыраареи шрырҭало.
Акыр иаҧсоу ҳҵарауаа! Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аихьӡара дуқәа, ҳаҧсадгьыл аизҳара иацхраауа аҭҵаарадырратә аартра ҿыцқәа.
Ҳаҭырла,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Б. З. Гәынба"