Ахәаша, 23 Лаҵара 2025 08:19
Аԥсны Ахада Афонҿыцтәи амонастыр аҟны ацқьа Симон Кананит игәалашәара амш азы анцәамаҵзура далахәын
Анцәамаҵзура иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан.
Аԥшьаша, 22 Лаҵара 2025 08:21
Аԥсны Ахада ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ашкол аушьҭымҭацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵо, дрыдныҳәалеит.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 08:38
Ахада атуризм азы аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра атуризм азы аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит.Аҳәынҭқарра Ахада атуризм азы аминистрра аколлектив анапхгаҩ ҿыц — Асҭамыр Логәуа дыдирдырит.Ахада иазгәеиҭеит Асҭамыр Омар-иҧа имоу анапхгаҩ иҧышәа, уи ари ахырхарҭа арҿиаразы иамоу аҵакы. «Атуризм — Аԥсны аекономика арҿиараҟны ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Сара агәра згоит Асҭамыр Логәуа иԥышәа ихы иархәаны ари аусбарҭа даҽа ҩаӡарак ахь ашьҭхыра шилшо. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аколлектив имҩаԥнагаз аусуразы, сгәы иаанагоит аминистр ҿыц адгылара ишәҭап ҳәа», — иҳәеит Гәынба Бадра.Асҭамыр Логәуа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз агәрагаразы, иҳәеит ԥасатәи анапхгара аусураҟны иамаз аԥышәа бзиақәа еиқәырханы, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәеи аҭахрақәеи ҳасаб рзуны, атуристтә хырхарҭа арҿиара ишалаго.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 08:27
Ахада Дбар Дмитри Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура дахаиргылеит
Ахада Дбар Дмитри – Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аппарат хада аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 08:24
Адгәыр Агрба Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хадас даҭоуп
Аҳәынҭқарра Ахада– Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада аколлектив дыдирдырит еиҭа напхгаҩыс иаҭоу Адгәыр Агрба. Ари акандидатура Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны еицҿакны ишьақәырӷәӷәан.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 08:23
Имҩаԥысит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аилацәажәара мҩаԥигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 08:22
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ихалаирхәит амҳаџьырцәа ргәалашәара амш
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа, ауаажәларра ашәҭқәа шьҭарҵеит аԥшаҳәаҿы игылоу амҳаџьырцәа ргәалашәара абаҟа аҿаԥхьа.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 06:39
БОЏЬГӘУА БАГРАТ АҦСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫС ДАҬОУП
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аколлектив дыдирдырит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.