АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала иԥшәмаԥҳәыс Ҳашыг Ирмеи иареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иааԥхьарала Гәынба Бадра иара убас  Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 81 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәхоит.
Кавказтәи аинвестициатә форум — 2026 аусмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иахьа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика даҭааит.
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Кавказтәи аинвестициатә форум — 2026 аҳәаақәа ирҭагӡаны инеиҵыху Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд даҭааит.
Апленартә еилатәара атема - "Аинвестициатә ҳауа аиҭакра: аԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иҿыцу азнеишьақәа рыла".
Аҳәынҭқарра Ахада дырԥылеит аделегациа алахәцәа, уи аилазаараҟны иҟоуп аԥыза-министр Делба Владимир, аԥыза - министр ихаҭыԥуаҩ   Нанба Џьансыхә, аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз, Аҟәа ақалақь Ахада Агрба Ҭемыр.
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра мшаԥы 28-30 рзы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум далахәхоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аҿиараҟны илагаламҭазы, иҳараку азанааҭдырразы, 1992–1993 ш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Ачба Леуарса Николаи-иԥа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы.
Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Аерманцәа ргеноцид амш агәаларшәара инамаданы аерманцәа реидгылахь ааԥхьара ҟаиҵеит.