Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 15:21
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои атуристтә комплекс «Garuda Glamping Abkhazia» иаҭааны ирбеит
Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 14:54
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои акультура-устә платформа «Гәма» аҟны аҵараиуратә семинар рҽаладырхәит
Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 14:40
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои амҩатә усхк азҵаарақәа ирылацәажәеит
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 21:02
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои амилаҭтә чыс афестиваль иаҭааит
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 20:58
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аколлеџь иаҭааит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аколлеџь иаҭааит.
Аиԥылара иара убас далахәын Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ирина Потехина. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит аколлеџь арҿыцра, иазԥхьагәаҭан Санкт-Петербург администрациа адгыларала ахыбрақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара.
Иахьа аколлеџь акрызҵазкуа ароль нанагӡоит атехникатәи ахархәаратәи хырхарҭала акадрқәа разыҟаҵараҟны. Уи аԥхьаҟа испециалистцәахараны иҟоу ареспублика аџьармыкьаҟны зыда ԥсыхәа ыҟам аԥышәатә дыррақәа рнаҭоит.
Абжьаратә занааҭтә ҵараиура асистема адгылара аҭара аҳәынҭқарратә политикаҟны хадара злоу зҵаараны иаанхоит, Аԥсни Урыстәылеи еидгыланы рылшарақәа аҿар ҳаамҭазтәи аҵараиуразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара иазкуп.
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 20:34
Аҟәа амшын баӷәаза апассаџьыртә ӷба «Комета 120М» актәи ареис ҟанаҵеит
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 20:04
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои арҵаҩцәа злахәыз астратегиатә сессиа иалахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ашколқәа рнапхгаҩцәеи арҵаҩцәеи злахәыз астратегиатә сессиа иалахәын.
Асессиа алахәцәа алацәажәеит ашкол аҵара аиурҭа мацара акәымкәа, ауаҩы иааӡара ахьымҩаԥысуа ҭыԥны ишыҟаҵатәу атәы. Иазааҭгылеит апатриотизм алааӡара, ашколнҭыҵтәи аусура, акультуратәи аҵаралашаратәи проектқәа реимадара иазку атемақәа.
Иара убас ирыхәаԥшын аԥснытәии урыстәылатәии ашколқәеи русеицуратә еизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа рыӡбара, азеиԥш ҵараиуратә программақәеи аҿари аҭаацәеи аус рыдызуло арҵаҩцәа адгылара рыҭареи рыларҵәара аус.
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 13:30
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит.
Аганқәа Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иазку аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа шымҩаԥысуа гәарҭеит. Иалацәажәоуп арҿыцрақәа рзы иарбоу аамҭеихшанҵа – зҽеиҭазкуа арлашагақәа рышьақәыргылара, амуралқәа раԥҵареи аиахт-клуб «Амра» ашьақәыргылареи.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп анаӡааӡара аестетика, уи атуристтә лшарамч.
Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 10:30
Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра В. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко диԥылеит.