АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 18 Мшаҧы 2025 10:00

БИГӘАА БЕСЛАНИ ЕШБА БЕСЛАНИ РЕИХСТАГ ИАХАДЫРГЫЛАЗ АИААИРА АБИРАҞ АКОПИА ХАҬА АҬАРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ИАЛАХӘЫН

 Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ  Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани  1945 ш. лаҵарамзазы Реихстаг иахадыргылаз Аиааира Абираҟ акопиа хаҭа  В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аԥша  амузеи аҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.


Аусмҩаԥгатә еиҿкаан 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны Аиааира 80 ш. ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы. Уи иара убас иалахәын Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аԥыза-министр Делба Владимир , Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аусеицура ахаҭарнакцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Хьӡи-ԥшеи змоу абираҟ акопиа амузеи адиректор Мзиа Беиа лнапы иаиркит жәларбжьаратәи аиҿкаара "Ԥсра зқәым аполк" ахаҭарнак Денис Дементиев.

Аусмҩаԥгатә алагамҭалазы уи алахәцәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан  Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ихьӡала аԥсшәаҳәаратә аацҳамҭа даԥхьеит: "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 80 ш. ахыҵра аламҭалазы В. Г. Арӡынба ихьӡ зху  Аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит Аиааира Абираҟ акопиа хаҭа, 1945 ш. лаҵарамзазы Асовет Еидгыла Афырхацәа Михаил Егорови Мелитон Қанҭариеи  Реихстаг иахадыргылаз.

Аааира Абираҟ иԥшьоу реликвиоуп, ҳара ҳзы акрызҵазкуа ҳамҭоуп Асовет Еидгыла ажәларқәа рфырхаҵара ду иасимволу абираҟ". Аԥсны жәлар рыхьӡала аҵак ду змоу ари ахҭыс иадҳәалоу зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит".

 
Read 4 times