«Ари ҳтәылазы акрызҵазкуа проектуп. Абаҩхатәра змоу аҿар роуп ҳтәыла аԥеиԥш знапы иану. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иаԥшьгарала иаԥҵоу ари аицлабра урҭ раарԥшразы алшара ҳнаҭоит", - иҳәеит иқәгылараҿы Бигәаа Беслан. Ахада Ихаҭыԥуаҩ ҷыдала иҭабуп реиҳәеит аплатформа "Урыстәыла алшарақәа ртәыла" акоманда, хаҭала адиректор хада Андреи Анатоли-иԥа Бетин аицлабра аиҿкаараҟны иҟаиҵаз ацхырааразы.
«Ас еиԥш апроект аҽалархәра аԥышәа ду шәнаҭоит, афинал ахь анеира аихьӡарақәа дуқәа раарԥшра атәы аҳәоит. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит афинал аҟны! Лыҵшәас иҟалалакгьы, аиааира жәгахьеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Зегьы аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит шәаԥхьаҟа!", - иҳәеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ.
Ахәаша, 11 Мшаҧы 2025 10:03
БИГӘАА БЕСЛАН АИЦЛАБРА "АԤСНЫ АКОМАНДА" АФИНАЛ ААРТРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН
Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан аицлабра "Аԥсны акоманда" афинал аартра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента