АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 31 Хәажәкыр 2025 10:09

КӘАРҶИА АБЕСАЛОМ: АҦСНЫ АХАДА ИМАҴУРАХЬЫ ИНЕИРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘ АҼАЗЫҞАҴАРА АПЛАН ИНАҚӘЫРШӘАНЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Администрациа Анапхгаҩы ин. н. Ахада имаҵура иахагыларазы аусмҩаԥгатә иазку Акомиссиа ахантәаҩы Кәарҷиа Абесалом далацәажәеит 2025 шықәса мшаԥымза 2 рзы имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы.


Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Акомиссиа иазнархиаз асценари ала. Акомиссиа иалахәуп Ахада Иадминистрациа аиҳабыра, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.    

Апрограмма инақәыршәаны, 11:00 сааҭ рзы Аминистрцәа Реилазаара акттә зал аҟны асасцәа рыртәара иалагоит; 12:00 сааҭ рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иахагылара иазку аофициалтә усмҩаԥгатә.    

Асасцәа дуқәа рахьтә ирзыԥшуп:  

- Алан Гаглоев, Алада Уаԥстәыла Ахада;  
- Сергеи Кириенко, УА Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ;  
Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рхадацәа;  
- Урыстәыла, , Алада Уаԥстәыла, Венесуела, Никарагуа рыцҳаражәҳәаҩцәа;
- представитель Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика (ПМА) ахаҭрнак уб.егь.

Кәарҷиа Абесалом иаҵшьны иҳәеит аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы хылаԥшра шрымоу, аусмҩаԥгатә Аԥсни уи жәларбжьаратәи аҩызцәеи рзы ахҭыс иамоу аҵакы аныԥшуа, ҩаӡара ҳаракыла ишымҩаԥысуа.

Read 5 times Last modified on Ахәаша, 20 Рашәара 2025 10:11