"Иахьа сара снапы ианҵоуп акрызҵазкуа, аха убри аан угәы узырхьуа аус. Иаалырҟьаны ҳара дҳаҧхеит аҩыза бзиа, апатриот иаша. Ари зегьы ҳзы ицәыӡ дууп", - иҳәеит Абесалом Кәарҷиа. Уи иҧшәмаҧҳәыс илзеиӷьеишьеит ачҳара, агәабзиара, иҳәеит Кавказ ихшара ргәалашәараҟны дшынхо.
"Аҧсуа жәлар зегьы рзы иааха дууп Кавказ Аҭрышба иҟамзаара. Афырхацэа ргәалашәара ахааназгьы ҧсра-ӡра ақәым",- иҳәеит Абесалом Кәарҷиа.
Аинрал Закан Нанбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи иара убас иазгәрҭеит Камиль Аҭрышба ҳаԥсадгьыл азы илшамҭақәа. «Ас еиԥш афырхацәа Аԥсны хашҭра рықәымзароуп», – иҳәеит Ибрагим Аҩӡба.
Аинрал Закан Нанба иацҵаны иҳәеит Камиль Аҭрышба илшоз зегьы шыҟаиҵаз Аҧсны аибашьра анцоз, иара убас анаҩсгьы. "Иара ишьақәиргылеит Атәылахьчара аминистрра иатәыз архәҭа ҷыда. Иазыҟаиҵоз ауаа иахьа аусбарҭа аилазааратә еиҵаҟәшақәа рыҟны қәҿиарала аус руеит, апрофессионализм ҳаракы аадырҧшуеит. Иара ихаҭагьы иҳаракыз профессионал дуын. Иҧсҭазаара кьаҿын, аха амцаҧшь иаҩызан", - иҳәеит аинрал.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба 2024ш. ҧхынҷкәынымза 17 аҟн. инапы зҵаҩу Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иааирҧшыз афырхаҵареи ахамеигӡареи рзы Аҭрышба Кавказ Камиль Қьемал-иҧа иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьазааит Леон иорден».
--
Асабша, 31 Лаҵара 2025 10:11
АҦСНЫ АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АНАПХГАҨЫ ИН.Н. АБЕСАЛОМ КӘАРҶИА КАВКАЗ АҬРЫШБА ИҦСҬАЗААРА ДАНАЛҴ АШЬҬАХЬ ЛЕОН ИОРДЕН ИАНЕИШЬЕИТ
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Абесалом Кәарҷиа Кавказ Аҭрышба иҧшәмаҧҳәыс Елена Бабиченко Леон иорден лнапы иаиркит.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента