АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 23 Жьҭаара 2024 10:12

БАДРА ГӘЫНБА АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ "АМАРАФОН АҞӘА" АМҨАԤГАРА АҼАЗЫҞАҴАРА ИАЗКНЫ

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба жьҭаарамза 25 инаркны 27 рзынӡа имҩаԥысуа «Амарафон Аҟәа» аҽазыҟаҵара иазку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аусура иалахәын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақ. Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭондил Сурманиӡе, аҳҭнықалақь аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аиҿкааратә еилакы алахәцәа.  


Ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит амассатә спорттә усмҩаԥгатә амҩаԥгара иамоу аҵакы. Ас еиԥш иҟоу амарафонқәа мҩаԥысуеит адунеи аҟны атәылақәа жәпакы рыҟны. Бадра Гәынба ишазгәеиҭаз ала, изҩыдоу агәабзиара апропаганда азура инадкыланы, амарафон ҳтәыла аҳаҭыр ашьҭыхрагьы иацхраауеит. Ахада ихаҭыԥуаҩ иаҵшьны иҳәеит аусмҩаԥгатә апрограмма ахаҭа аиҿкаара бзиа, иара убас азинлеишәеи амарафон иалахәу ршәарҭадареи ралыршара шаҭаху.  
  
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аиԥылара иалахәыз адырра риҭеит аспорттә ныҳәа аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуазы. Уи иажәақәа рыла, амарафон иалахәуп зқьы рҟынӡа ауаа, урҭ рахьтә 700-ҩык Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә иаауеит. Иҟалоит иара Беларусиеи  Ҟазахсҭани рхаҭарнакцәагьы.   Жьҭаарамза 26 рзы имҩаԥысуеит еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рзы ахәыҷқәа реиԥхныҩра, жьҭаарамза 27 рзы  амарафон рҽаладырхәуеит адуқәа. Амарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит аԥсуа милаҭтә чыси аԥсуа ҩи рфестиваль, аҭыԥантәи аарыхҩцәа раалыҵ цәыргақәҵахоит, имҩаԥгахоит аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа злахәу аконцертқәа.  

Амарафон апрограммаҟны иҟоуп иара убас 42,2 км рзы аиԥхныҩра, ари азы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа жьҭаарамза 27 рзы шьыбжьаанӡа автотранспорт аныҟәара амаршрут ԥсаххоит.   Иҟалоит мҩақәак рыҟны аныҟәарақәа рыԥкразы раанкылара алагалахар. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иазгәеиҭеит аныҟәара ашәарҭадара алыршаразы ари аҽны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ААР егьырҭ аиҵаҟәшақәа рмаҵзурауаа шрыцхраало.  

Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит автотранспорт аусура иадҳәалоу хәҭа-хәҭалатәи аплан азырхиаразы, аусмҩаԥгатә иалагаанӡа    есҽны амассатә аинформациатә хархәагақәа рыла атәылауаа адырра рыҭаразы. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи аҳҭнықалақь Администрациеи рнапхгарақәа ирыдиҵеит атәылауааи аҳҭнықалақь асасцәеи рзы аҭагылазаашьа  иахьынӡауала ҧырхага амамкәа аиҿкааразы.
Ахада ихаҭыҧуаҩ иара убас атәылауаа рахь аҳәара ҟаиҵеит акрызҵазкуа аспорттә форум анымҩаҧысуа амшқәа рзы автотранспорт иадҳәалоу аамҭалатәи аҧкрақәа еилкаарыла иазнеирц.

 
Read 6 times