Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Феисал Аль-Микдад!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада ихаҭыҧуаҩс шәалхра. Шәара ҳәынҭкарра-политикатә усзуҩук, ипрофессионалтәу дипломатк, ҵарауаҩык иаҳасабала шәыҧсҭазаара зегь азышәкит шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари рымаҵ аура. Шәара шәыруаӡәкуп Шьамтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҳәынҭқарра ахьчареи зыжәлар реиқәырхареи зылшаз амилаҭ раҧхьагала Башар Аль-Асад иарҕьажәҩаны идгылаз.
Аҧсуа жәлар ҳаҭыр ду рзақәуп жәларрбжьаратәи ақәыҕәҕәара шыҟазгьы, Шьамтәыла Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы иҟанаҵаз аҵак ду змоу ашьаҿа. Иахьа ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аиҩызаратә ҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа есааира ҵакыла рыҽдырҭбаауеит. Ари аус аҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа маҷӡам.
Ҳаҭыр зқәу адоктор Аль-Микдад, ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, иҳараку аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аиҳьӡара дуқәа! Шьамтәыла ауаажәлар ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара!"
Ҳаҭырла,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ
Б. З. Гәынба
Аҩаша, 22 Жьҭаара 2024 10:18
БАДРА ГӘЫНБА ШЬАМТӘЫЛА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ ИХЬӠАЛА АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ
Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Ихаҭыԥуаҩ, адоктор Феисал Аль- Микдад ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента