АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 15:53

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои аекономикатә форум ацәыргақәҵа иаҭааит

▫️  Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои аекономикатә форум ацәыргақәҵа иаҭааит, имҩаԥыргеит Аконтроль-аужьратә пункт «Адлер» аиҭашьақәыргылара иазкыз аилацәажәара   ▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәыла Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ацәыргақәҵа «Аԥсны – аеиԥш аинвестициақәа ралагалара» иаҭааит.   ▫️ Аекспозициаҟны ицәырган Урыстәылатәи Афедерациа мҽхакы ҭбаала иҟанаҵо ацхыраарала инагӡахо еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны – атуризми агроааглыхратә комплекси инадыркны афымцамчи атранспорттә инфраструктуреи рҟынӡа ареспублика аинвестициатә проект хадақәа. Ацәыргақәҵаҿы иара убас идырбан аԥсуа напҟазацәа рнапкымҭақәеи урыстәылатәи арегионқәа рыстендқәеи. ▫️ Иара убас Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои имҩаԥыргеит ганрацәалатәи автомашьынатә аужьратә пункт «Адлер» аиҭашьақәыргылара азҵаара инамаданы аусуратә еилацәажәара. Аужьратә пункт аладатәи ахырхарҭаҿы зегь раасҭа аидара змоу хырхарҭоуп: 2025 шықәсазы уи иаунажьит 12 миллионҩык инареиҳаны ауааи 2,7 миллион транспорттә хархәагеи.     ▫️ Арҿыцратә усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь аужьратә пункт лшара 9,5 – нтә еизҳауеит – уахыки-ҽнаки рыла 14 нызқь машьына рҟынӡа, аныҟәара асхема ҿыц иалнаршоит 100 транспорттә хархәагак рҟынӡа аамҭакала изыхәҭоу документла реиқәыршәара.   ▫️ Аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит аужьратә пункт аусура аанкыларада.  
Read 28 times
aps25