АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 04 Мшаҧы 2026 17:15

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои аетнопарк «Аԥсны» иаҭааит

  ▫️

 

▫️ 10 гектарк зҵазкуа аетнопарк зеиԥш ыҟам ҭыԥп, ара иеизгоуп аетнографиа аобиектқәеи амилаҭтә архитектура ақәырԥшқәеи, ицәыргоуп жәлар рнапкымҭақәеи рнапҟазарақәеи. Ара иахӡыӡааны, иеиҷаҳаны еиқәырханы иааргоит, иӡырыргоит аԥсуа жәлар рытрадициақәа.

 

▫️ Апарк аҵакыраҟны имҩаԥысуа аҩы иазку афорум еиднакылеит аҩыҟаҵаҩцәеи, аҩы ахәшьаҩцәеи, асасцәеи, урҭ аԥсуа ҩыҟаҵара амаӡақәеи рыдгалан, аҩқәа ргьама дырбан, акультуратә программа иахәаԥшыртә аҭагылазаашьа рыман. 

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аԥснытәии урыстәылатәии Амассатә информациа ахархәагақәа асезон алагамҭазы атәыла атуристтә усхк аҿиара иазкны аинтервиу риҭеит.

▫️ Аетнографиатәи агастрономиатәи туризм аҿиара Аԥсни Урыстәылеи русеицураҟны акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Аусмҩаԥгатә жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны - аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

 

Read 19 times Last modified on Асабша, 04 Мшаҧы 2026 17:19
aps25