АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 04 Мшаҧы 2026 17:44

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа иаҭааны ирбеит

▫️

 ▫️ Хара имгакәа   аусурақәа хацыркхараны иҟоуп Краснодартәи атәылаҿацә амчала. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои апроект иахәаԥшит, ахәшьарагьы арҭеит. Аиҭашьақәыргылара аихшьалақәа рыла асқьала анҵәамҭаҿы ицәырҵуеит исаркьалыху акәымпыл, Уи Аҟәа аҭыԥ ԥшӡарақәа иҿыцны ирыцлоит.

 

▫️ Сергеи Кириенко ажәалагала ҟаиҵеит асқьала аиҭашьақәыргылара апроект аҭыԥантәи ауаа алацәажәаразы, ахәшьара арҭарц азы  икыдҵазарц аҭӡаҟны.

 

▫️ Асқьала аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи арегионқәеи, аԥснытәи абизнеси, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи иҟарҵо  ацхыраарала инагӡахо Аҟәа аԥшаҳәа комплексла аиҭашьақәыргылара иазку мҽхакы ҭбаала аусура иахәҭакуп.

Read 15 times Last modified on Асабша, 04 Мшаҧы 2026 17:45
aps25