«Комета» ааира ареспублика атранспорттә лшара арҿиаразы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ари аԥхьа хықәкылатәи аусура мҩаԥган аӡаҵаҟатәи амҵәыжәҩақәа змоу ҳаамҭазтәи аӷбақәа рыдкыларазы абаӷәазатә инфраструктура азырхиаразы.
Ахырхарҭа ҿыц Шәача — Аҟәа алшара ҿыцқәа аанартуеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рзеиԥш, атуристцәа рызгьы. «Комета» Аԥснынӡа ирласны, насгьы иманшәаланы умҩанызго транспортхар, иара убас аекскурсиатә, атуристтә программақәа ирыхәҭакны иҟалар алшоит.