АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 23:58

Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аколлеџь иаҭааит

  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аколлеџь иаҭааит.   Аиԥылара иара убас далахәын Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ирина Потехина. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит аколлеџь арҿыцра, иазԥхьагәаҭан Санкт-Петербург администрациа адгыларала ахыбрақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара.    Иахьа аколлеџь акрызҵазкуа ароль нанагӡоит атехникатәи ахархәаратәи хырхарҭала акадрқәа разыҟаҵараҟны. Уи аԥхьаҟа испециалистцәахараны иҟоу ареспублика аџьармыкьаҟны зыда ԥсыхәа ыҟам аԥышәатә дыррақәа рнаҭоит.      Абжьаратә занааҭтә ҵараиура асистема адгылара аҭара аҳәынҭқарратә политикаҟны хадара злоу зҵаараны иаанхоит, Аԥсни Урыстәылеи еидгыланы рылшарақәа аҿар ҳаамҭазтәи аҵараиуразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара иазкуп.  

 

 
Read 7 times Last modified on Ахәаша, 08 Нанҳәа 2025 12:59
aps25