АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 00:02

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои амилаҭтә чыс афестиваль иаҭааит

 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Иуа Коӷониа ипарк аҟны имҩаԥысыз аԥсуа милаҭтә чыс афестиваль иаҭааит.

 Афестиваль аҟны ицәыргақәҵан Аԥсны араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпавильонқәа, асасцәа амилаҭтә чыс агьама дырбаразы аҭагылазаашьа аԥҵан.   
 

Апрограммаҟны иҟан еиуеиԥшым аноминациақәа рыла аицлабрақәа, амилаҭтә ҟазара арбара: ахыци ахәымпали рыла ахысра, ажьира, уҳәа убас егьырҭгьы.  

 

Ишәгәалаҳаршәоит ԥасатәи аусуратә ныҟәараан Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Иуа Коӷониа ипарк хәыҷ аҟны аҵакырадгьыл иахәаԥшны ишырбаз, уа иахьа иагьаартын асцена ҿыц.

 Ари аҭыԥ асасааирҭа «Дом Москвы» иазааигәоуп, аҳҭнықалақь аҟны ирҿыцу акультуратә ҭыԥ иахәҭакны иҟалоит. 

Read 13 times Last modified on Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 18:59
aps25