АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 01 Жьҭаара 2025 16:04

Аҧсны Ахада Гәынба Бадра дырҧылеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәыз Алада Уаҧстәыла Ареспублика аҧыза-министр Константин Џьуссоев зхадараҟны дыҟоу аделегациа

"Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәо, инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа.   

Ҳарҭ еснагь уи аҧхарра ҳныруеит. Ааигәа ҳара ҳаҟан Цхьынвал, Алада Уаҧсьәыла Ареспублика 35 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә ҳалахәын. Аишьцәа ишырҧыло еиҧш иаҳҧылеит ҳашьцәа ауаҧсаа.
Иацы еицазгәаҳҭоз аныҳәа ҳтәылеи ҳауаажәлари рзы ихадароу ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Ари аныҳәа алыршоуп аиааира иабзоуроуп, 33 ш. раҧхьа ҳадгьыл аҟны имҩаҧысуаз атрагедиа зымҩа иавамгылаз ауаа, зыҧсҭазаарақәа ирмеигӡаз аибашьцәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳавагылаз ҳашьцәа зегьы. Ари зегьы ҳзы иҧшьоу ныҳәоуп.
Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ҳныҳәа ҳацеиҩызшо ҳааигәа иахьгылоу. Шәара ажәала акәымкәа ижәдыруеит аҧышәара хьанҭа аамҭа закәу. Ҳарҭ иаҳгәалашәоит шәара еснагь шәышҳавагылоу, ацхыраара шҳашәҭо.
Исҭахуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ауаажәлари рыхьӡала, Алада Уаҧстәыла Аресрублика Ахада Алан Гаглоеви ауаҧс жәлари гәыла-ҧсыла иҭабуп ҳәа рашәҳәарц.
Аҭагылазаашьа ҳхы иархәаны , Алада Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев ианизыманшәалоу аамҭазы Аҧсныҟа ааҧхьара иаҳҭоит.
Иара убас Ахада иазгәеиҭеит ҭоурыхла иҳабжьоу аиашьара анаҩсгьы, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара активла аҿиарамҩа аҽахьарҭбаауа ишгәахәара дуу. Ҿырҧшы бзиак аҳасабала, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, ибаџьтәым ахәаахәҭра абжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩыз Актәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Южная Осетия. Горизонты инвестиций" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит уи аусура аҩ-ҳәынҭқаррак рыбзазаразы акыр ишыцхыраагӡахо.

"Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аҧхарра зцу ҳаиҧыларазы. Ҳара ҳзы гәахәароуп ҳашьцәа шәыҟны ҳахьыҟоу. Ҳаигәырӷьоит Аҧсны аҿиарамҩа иахьану. Ҳарҭ ҳажәларқәа аҭынчреи аизҳазыӷьареи рахь ирымоу агәазыҳәара акуп",- иҳәеит Константин Џьуссоев.

Алада Уаҧстәыла аҧыза министр Аҧсны Ахада Алада Уаҧстәыла Ахада Гаглоев Алан ихьӡала аҧсуа жәлар зегьы аныҳәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.

Read 9 times Last modified on Ашәахьа, 06 Жьҭаара 2025 20:57
aps25