АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Новак Александри реиԥылара. Аганқәа рылацәажәеит хра злоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура, аекономикатә, аинвестициатә, асоциалтә проектқәа убрахь иналаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Иҷыдоу ахықәкы змоу ацентр 27 шықәса ахыҵит.
Анцәамаҵзура иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ашкол аушьҭымҭацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵо, дрыдныҳәалеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра  атуризм азы аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит.Аҳәынҭқарра Ахада атуризм азы аминистрра аколлектив анапхгаҩ ҿыц — Асҭамыр Логәуа дыдирдырит.Ахада иазгәеиҭеит Асҭамыр Омар-иҧа имоу анапхгаҩ иҧышәа, уи ари ахырхарҭа арҿиаразы иамоу аҵакы.  «Атуризм — Аԥсны аекономика арҿиараҟны ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Сара агәра згоит Асҭамыр Логәуа иԥышәа ихы иархәаны ари аусбарҭа даҽа ҩаӡарак ахь ашьҭхыра шилшо. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аколлектив имҩаԥнагаз аусуразы, сгәы иаанагоит аминистр ҿыц адгылара ишәҭап ҳәа», —  иҳәеит Гәынба Бадра.Асҭамыр Логәуа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз агәрагаразы, иҳәеит ԥасатәи анапхгара аусураҟны иамаз аԥышәа бзиақәа еиқәырханы,  ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәеи аҭахрақәеи ҳасаб рзуны, атуристтә хырхарҭа арҿиара ишалаго.    
Ахада Дбар Дмитри – Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аппарат хада аколлектив анапхгаҩ ҿыц дыдирдырит.
Аҳәынҭқарра Ахада– Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада аколлектив дыдирдырит еиҭа напхгаҩыс иаҭоу Адгәыр Агрба. Ари акандидатура Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны еицҿакны ишьақәырӷәӷәан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра  аилацәажәара мҩаԥигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа, ауаажәларра ашәҭқәа шьҭарҵеит аԥшаҳәаҿы игылоу амҳаџьырцәа ргәалашәара абаҟа аҿаԥхьа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба  Бадра  аколлектив дыдирдырит  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.
Адаҟьа 14 - 14
aps25