АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

«Гәалсра дула исыдыскылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алеқсеи Екәыԥ-иԥа Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз.
«Гәалсра дула исыдыскылеит Игор Мураҭ-иԥа Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз - Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟаз азинмчы нагӡа змаз раԥхьатәи Ахаҭарнак, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчараҟны злагала акырӡа идууз.
Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, нанҳәамза 14 - алахьеиқәҵареи агәалашәареи ишрымшу, усҟан атәылаҟны ишыргәаладыршәо  Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара, аиааиреи ахьыԥшымреи зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзаазгаз. Ари амш наунагӡа Аԥсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылаз ҳажәлар рфырхаҵареи ргәаларшәареи ирсимволны иаанхоит.
Иахьа 34 ш. ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иалагеижьҭеи.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит апроект «Уаҵәтәи аԥсшәа» захьӡу алахәылацәа. Аиԥылара далахәын Аҵара министр Хана Гәынԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Пицунда ақалақь ахада Агрба Русҭам Гарик-иԥа хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. 
Абри азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адырра илҭеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәнба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны Очамчыратәи ашкол-интернати Цандрыԥшьтәи алицеии рҿы аҵара шықәсҿыц азы иаартхоит аԥсуа бызшәеи алитературеи ркабинетқәа.
Аилатәара иалахәын аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, афымцамчы аминистр Баҭал Мышәба.