АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Ахәаша, 21 Нанҳәа 2026 14:20
Ахада Бадра Гәынба иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал даҭааит. Атәыла Ахада 2026.ш. актәи азбжазы аусурақәа реихшьала алҵшәа иазкыз араион актив аизараҟны дықәгылеит
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Тҟәарчалҟа рныҟәарақәа иҷыдоу аҵакы шамоу. Ари ақалақь ауааԥсыра зегь реиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, амацәыз иҭакыз рықалақь аанмыжькәа, ачҳареи афырхаҵареи аарԥшны рыԥсадгьыл рыхьчеит, гәкажьрак ҟамҵакәа аиҭарҿиара амҩа иануп, Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҟны урҭ рышьҭа нунагӡа хашҭра ақәымкәа иаанхоит. Ахада иажәақәа рыла, атәыла анапхгара еснагь аҭакԥхықәра ду шрыду рныруеит Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчали уи анхацәеи рҿаԥхьа.
Аԥшьаша, 20 Нанҳәа 2026 20:59
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Калужсктәи аобласт агәбернатор Владислав Шапшу дидикылеит
Аиԥылара иалахәын Аԥыза-аминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Ахаша, 19 Нанҳәа 2026 19:30
Бадра Гәынба С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр 95-тәи атеатртә сезон ахыркәшара иазкыз ахәылԥаз даҭааит
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭан:
Ахаша, 19 Нанҳәа 2026 17:50
Апсны Ахада Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 1941-1945ш.ш. аветеран Алеқсеи Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы
«Гәалсра дула исыдыскылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алеқсеи Екәыԥ-иԥа Лашәриа иԥсҭазаара дахьалҵыз.
Аҩаша, 18 Нанҳәа 2026 18:53
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адышшылара ҟаиҵеит Урыстәыла иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз
«Гәалсра дула исыдыскылеит Игор Мураҭ-иԥа Ахба иԥсҭазаара дахьалҵыз - Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟаз азинмчы нагӡа змаз раԥхьатәи Ахаҭарнак, ҳтәыла аинтересқәа рыхьчараҟны злагала акырӡа идууз.
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 14:11
Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика Ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Мараҭ Камболов Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлари рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб- иԥа!
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 12:23
Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны имҩаԥысит Аԥсны аиааира агаразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыхьӡала абаҟа дыргылараны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны ахаҳә ашьҭаҵара
Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, нанҳәамза 14 - алахьеиқәҵареи агәалашәареи ишрымшу, усҟан атәылаҟны ишыргәаладыршәо Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара, аиааиреи ахьыԥшымреи зыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иаҳзаазгаз. Ари амш наунагӡа Аԥсадгьыл ахьчара хацәнамырха иазгылаз ҳажәлар рфырхаҵареи ргәаларшәареи ирсимволны иаанхоит.
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 09:31
Ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит
Иахьа 34 ш. ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иалагеижьҭеи. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәалаиршәеит.
Ахәаша, 14 Нанҳәа 2026 09:07
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы иҟаиҵаз ааԥхьара
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥшьаша, 13 Нанҳәа 2026 17:57
Имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи апроект «Уаҵәтәи аԥсшәа» аиҿкааҩцәеи реиԥылара
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит апроект «Уаҵәтәи аԥсшәа» захьӡу алахәылацәа. Аиԥылара далахәын Аҵара министр Хана Гәынԥҳа.
Аԥшьаша, 13 Нанҳәа 2026 16:27
Бадра Гәынба Пицунда ақалақь ахада изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Пицунда ақалақь ахада Агрба Русҭам Гарик-иԥа хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҩаша, 11 Нанҳәа 2026 10:13
Зықьҩык инареиҳаны ашкол хәыҷқәа рыԥсшьара аамта рхыргеит аҵара аминистрра еиҿнакааз аԥхынтәи алагерқәа рҿы
Абри азы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба адырра илҭеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.