АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ақыҭа Ашықәс аихшьалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит, Аԥсны ақыҭақәа зегьы ирыдҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгеит ҳәа аҳәара шиашам.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аихшьалақәа рыҟаҵаразы аилацәажәараҿы ҵыԥх анаплак маҷи абжьаратә наплакреи рыдгыларазы апрограмма шынагӡаз азы агәынамӡара ааирԥшит.
Аизара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ақыҭа иашықәсны алаҳәара иабзоураны ақыҭа аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа хшыҩзышьҭра рыҭареи аҳәынҭқарра аганахьала адгылара рыҭаразы ахырхарҭақәа ралкаареи алыршахеит.
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара анашьареи "Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ахҵареи рзы. ▫️ Амилаҭтә журналистика аҿиараҿы ллагала ду азы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала лџьабаазы аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара ланашьоуп Иаковлева Лилиана Михаил-Иԥҳа. ▫️ Амилаҭтә журналистика аҿиараҿы ллагала ду азы, шықәсырацәалатәи ламысцқьала лџьабаазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иланашьоуп Ҵәыџьба Заира Иасон-Иԥҳа. «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ« ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп агазеҭ «Республика Абхазия« аредакциа аусзуҩцәа: * Акаба Лиудмила Михаил-иԥҳа; * Алексеева Татиана Иури-иԥҳа; * Габуниа Марина Дмитри-иԥҳа; * Михаилиук Варвара Николаи-иԥҳа; * Муцба Рита Гьаргь-иԥҳа.
▫️  Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Жьиба Мариа Ладикәа-иԥҳа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы.   ▫️ Ахьӡ лыхҵоуп Гагратәи афольклортә ансамбль «Кьараз» асолист ашәаҳәаратә ҟазара ҳараки, жәлар рмузыкатә ҟазара аҿиараҿы ллагала дуи, амилаҭтә аԥсуа культура апропагандеи рзы