АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит. Арҿиаратә коллектив аиубилеи рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп: ▫️ «Ҳаҭыр зқәу Шә. А. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аколлектив! ▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәтеатр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса аҵра! ▫️ 1955 шықәса рзы иаартыз Тҟәарчалтәи жәлар рытеатр иалнаршаз рацәоуп аҧсуа милаҭтә культура аӡыргаразы. Аусра анхацыркыз инаркны иаразнак хадара злоу культуратә хәышҭаараны иҟалеит ашахтиортә қалақь иаланхоз ауааҧсыра рзы. ▫️ Атеатр ахәаҧшцәа ирыднагалон ҟазарала иқәыргылаз аҧсуа драматургцәеи Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыклассикцәеи рҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа. ▫️ Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Тҟәарчалтәи атеатр аҿы аус руан еицырдыруа Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа. ▫️ Лымкаала хшыҩзышьҭра аҭатәуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ари акультура ахәышҭаара аусура. Атеатр аиҭашьақәыргылара аблокада ӷәӷәа зхызгаз Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал аиҭаира асимвол хадақәа ируакхеит. СССР Жәлар рартист Шәарах Ҧачалиа напхгара зиҭоз акомедиа атеатр гәышьҭыхганы иҟалеит имариамыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы. ▫️ Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала Тҟәарчалтәи атеатр иахҵан аҳәынҭқарратә статус. ▫️ Аҽхәаҧхьыӡ иаҧсоуп атеатр ҳаамҭазтәи аусураҿы иалнахыз аҟазшьа ҷыда - аҧсуа қыҭақәа рҭаара. Хымҧада, атеатртә ҟазара ауааҧсыра, аиҳаракгьы аҿар радҧхьаларазы ари ус дууп. ▫️ Акыр иаҧсоу Тҟәарчалтәи атеатр иахьатәи актиорцәа, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ара аус зуаз, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злаку арҿиара аус аҿы аихьӡара дуқәа! ▫️ Ахәаҧшыҩцәа рыбзиабара еснагь ишәыцзааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!»
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Дамениа Олег директорс дызмоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҵарауаа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Никарагуа Ареспублика Ахада Даниел Ортега Сааведра Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.   Ҳаҭыр зқәу Никарагуа Ареспублика Ахада шәхацкы!    Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра иазку аиубилеитә рыцхә! Шәара шәыԥсҭазаареи шәусуреи ажәлари Аԥсадгьыли рымаҵ ауразы иреиӷьу ҿырԥшыганы иҟоуп. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Шәара ԥсахрада Никарагуа Ареспублика аинтересқәа рыхьчара шәаҿуп аиашареи, ахьыԥшымреи, асуверенитети рыпринципқәа рықәныҟәарала.  Шәара шәԥышәеи шәымч-шәылшеи ирыбзоураны атәыла аҿиара амҩа иануп, жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа есааира ирӷәӷәо, ишәылшо зегьы ҟашәҵоит атәылауаа рԥеиԥш бзиазы.  Аԥсны ҷыдала ҳаҭырла ишәзыҟоуп Шәара, ҳажәлар ҩызара рзызуа, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни Никарагуеи ирыбжьоу аиҩызара бзиеи аилибакаареи, иагьҳхашҭӡом Шәара шәтәыла раԥхьаӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа ишыруаку.  Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, гәык-ԥск ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, агәамч, Никарагуа ажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа. Иара убас гәыкала илыдысныҳәалоит ари арыцхә Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас шәтәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирыдыскылоит аҭынчра, аизҳазыӷьара.   
aps25