АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

 

Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра 33 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ахьӡ-Аԥша Апарк аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Цәыббрамза 25 рзы Урыстәыла Аиҳабыра Ахантәаҩы Актәи ихаҭыҧуаҩ Денис Мантуров Аԥсны Аҳәынҭқарра иаиҭеит 30 цыра ҳаамҭа иақәшәо иҷыдоу атехника. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп- ашколтә автобусқәа, амедицинатә цхырааратә автомашьынақәа, аидарақәҵагақәа, акоммуналтә машьынақә,а амцарцәагатә автоцистернақәа, абылра-аҽацәыхьчаратә мотоциклқәа, иара убас хықәкырацәа змоу акатерқәа. 
Мышқәак раԥхьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба гәыԥҩык аветеранцәа данырԥылоз аибашьцәа Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы азҵаара шьҭырхит.
Жәларбжьаратәи аекспедициа «Аԥсуа цәқәырԥа» цәыббрамза 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль апрограмма иахәҭакны иҟалеит. Аԥсны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекспедициа алахәцәа реилазаараҟны иҟоуп 16 тәыла рхаҭарнакцәа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума алхрақәа рзы рыбжьқәа арҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, ибжьы шриҭаз аполитикатә мчрақәа, Аԥсны адгылара азҭо, аҳәынҭқарратә суверенитет арӷәӷәареи, асоциал-економикатә ҿиареи, Аԥсны жәларбжьаратәи аимадарақәеи реимадареи иадгыло.
  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Мараҭ Камболов Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит.   Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ҭелла аицәажәара мҩаԥыргеит.   Бадра Гәынба иазгәеиҭеит алхрақәа рылҵшәа Аахыҵ-Уаԥстәыла атәылауаа Мараҭ Камболов иахь иаадырԥшыз  агәрагара шаҳаҭра шазыруа. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ари аҩыза агәрагара акыр шықәса аҳәынҭқарратә маҵзураҿы иусуреи, егьырҭ аҭакԥхықәра зцу аусбарҭақәа рыҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәеи, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала иоуыз аԥышәеи ирыбзоуроуп. 'Сара агәра згоит  Шәара ишәырҭаз агәрагара  Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзураҟны қәҿиарала шәусура шьаҭас ишаиуа.  Ҳарҭ ҳажәларқәа жәытәаахыс аҭоурыхтәи аиашьаратәи еимадарақәа рыбжьоуп. Сгәы иаанагоит Шәара анапхараҿы шәыҟазаара аан ҳаизыҟазаашьақәа ҩаԥхьа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо, Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ирыбжьоу аусеицура амҽхак аҽшарҭбаауа", - иҳәеит Бадра Гәынба.   Мараҭ Камболов Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы, аԥсуа жәлар аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.