АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Амҽыша, 11 Жьҭаара 2026 19:23
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба даҭааит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рпавилионқәа, аҭоурыхтә ҵакы змоу Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҭагалантәи аҿа-маҿа аныҳәаҟны
Ахада анхацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рааҧсаразы, аҿа-маҿа аныҳәа рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит ақыҭауаа рџьабаа атәыла шьаҭас ишамоу, ҳаԥсуара, ҳҵас, ҳкультура ахьчара, ҳԥеиԥш аизырҳараҟны аҭыԥ ду шааннакыло.
Асабша, 10 Жьҭаара 2026 20:04
Бадра Гәынба Аԥсны Ахада Ихраҿа ианеишьеит 2400 метра рҟынӡа абжьаӡараҟны аиааира згаз
Аԥхьахә игеит Иури Ҳагәышь иҽы зырхәмаруаз аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич иҽы.
Ахәаша, 09 Жьҭаара 2026 15:07
Бадра Гәынба аррамаҵзурауааи аветеранцәеи Аԥсны Арбџьар мчқәа рымш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба Арбџьар мчқәа рымш инамаданы имҩаԥгаз аныҳәатә еилатәара далахәын.
Аԥшьаша, 08 Жьҭаара 2026 17:08
Бадра Гәынба аицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи ахәҭа афинал аихшьала азура далахәын
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи ахәҭа афинал аихшьалақәа рыҟаҵара далахәын.
Ахаша, 07 Жьҭаара 2026 09:51
Бадра Гәынба Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иира амш идиныҳәалеит.
Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 19:52
Бадра Гәынба «Аԥсны акоманда» анапхаҩцәа реицлабра аҩбатәи асезон афинал аартра аҟны дықәгылеит
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит апроект аицлабра аформат ишеиҳахаз, ҟазарылеи ҭакԥхықәралеи зусура иазнеиуа абиԥара ҿа реидкыларазы акырӡа ишыцхыраагӡоу.
Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 19:47
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба КВН «Аԥснытәи Нарҭаа» акоманда даԥылеит
Аиԥылараан ирылацәажәан акоманда злахәыз инагӡоу, иҟалараны иҟоу апроектқәа, Иара убас Аԥсны аԥхьаҟатәи аҿиара азҵаара.
Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 09:01
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахақәиҭтәра 34 ш. ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 18:02
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҵаҩцәа рзаанаҭ амш рыдинҳәалеит
Р. Гумба ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еиҿкааз Арҵаҩы имш азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 15:01
Бадра Гәынба иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Фиодор Емельианенко дидикылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Mixed Martial Arts-и аибашьратә самбои рзы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко дидикылеит.
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 14:01
Бадра Гәынба иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Фиодор Емельианенко дидикылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Mixed Martial Arts-и аибашьратә самбои рзы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко дидикылеит.
Ахәаша, 02 Жьҭаара 2026 10:15
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит "2026 ш. жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахь рыԥхьареи аррамаҵзуратә ҧхықәра назыгӡаз рхы рақәиҭтәреи рзы"
Аусԥҟа инақәыршәаны 2026 ш. жьҭаарамза 1 инаркны 31-нӡа аррамаҵзурахьы инарыԥхьоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа, иара убас аррамаҵзура аҟынтә рхы иақәиҭыртәуеит арратә ҧхықәра анагӡараҟнызыҿҳәара хыркәшоу. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, араионқәа русбарҭақәа, Аҟәа ақалақь ирыдҵоуп иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара Аҧсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзура иахысраны иҟоу аҿар рыԥхьаразы.