Аҳәынҭқарратә комиссиа Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоуп 2026 шықәса жәабранмза 12 рзы.
Уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа рырҿиаразы акомиссиа иацҵаны иахәаԥшит Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба иеиҭашьақәыргылоу инышәынҭратә мемориалтә хаҳә Аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абаа» аҵакыраҿы анаҩс ашьақәыргыларазы аҭыԥ алкаара азҵаара.
Акомиссиа алахәцәа ргәаанагареи аҵакыра иҵегьы инацҵаны аҭҵаара алҵшәақәеи ҳасаб рзуны, иахьықәыргылахоо аҭыԥ азгәаҭан. Ишьақәыргылоуп амемориалтә хаҳә абаа аҩадатәи аҭӡамц азааигәара ишықәыргылахо, уи 30 м. аҟынӡа инацәыхараны.
Иалырхыз аҭыԥ аҿы аҭоурых-археологиатә ҿыгҳарақәа рыҭҵаареи анаҩс анышәынҭра ашьақәыргылара аилкаареи рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иахәҭоу археологиатә усурақәа рымҩаԥгара инапы ианҵоуп.
Акомиссиа алахәылацәа иара убас анышәынҭратә мемориалтә хаҳә апроект анаҩстәи аус адулара азҵаара иазыхынҳәит. Аҟәа ақалақь ахадара уи аҟаҵареи ашьақәыргылареи рзы ахарџьқәа инҭырҳәцааны рыԥхьаӡарақәа разырхиаразы апроект автор Баҭал Џьапуа иахәҭоу ахарџьынҵатә документациа азырхиараҿы ацхыраара иҭара азы анапынҵа иҭоуп.
Ишьақәыргылоу аԥхьаӡарақәеи археологиатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәеи наҟ-наҟ акомиссиа алдыршоит Қьалышьбеи Чачба имемориалтә хаҳә аиҭашьақәыргылара уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбамҭақәа рынагӡаразы анаҩстәи аетапқәа рахь аиасра.
Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура иацҵахоит.




